Иракли Кобахиӡе Оливер Варҳеи диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Оливер Варҳеи диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи диҧылеит. 

Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараҿы Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс иалацәажәеит.  Хшыҩзышьҭра азун арҭбаара аҳасабырбаҿы иарбоу абжьагарақәа. 

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Еврокомиссиа аҳасабырбаҿы иарбоу абжьагарақәа рынагӡаразы, Қырҭтәыла Евроеидгыла аинститутқәа рҟны аусеицура нанагӡоит. 

Аҧыза-министр ари ахырхарҭала атәыла анапхгара имҩаҧыргаз аусура далацәажәан, еврокомиссар аинформациа наӡа ииҭеит уажәазы имҩаҧысуа ауснагӡатәқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны. Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, арҭбаара аҳасабырба анцәырырга ашьҭахь, Қырҭтәыла аиҳабыра, аҳасабырбаҿы иарбаз абжьагарақәа рынагӡара амзызла,  аконкреттә ауснагӡатәқәа рплан еиқәдыршәеит, уажәы ари аплан анагӡара иаҿуп.