Иракли Кобахиӡе Нергееҭи ақыҭан аҧсабаратә рыцҳара иахылҵыз алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Баҕдаҭтәи амуниципалитетаҿ, Нергееҭи ақыҭан аҧсабаратә рыцҳара иахылҵыз алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит.
Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз ишазгәеиҭаз ала, ауааҧсыра рнырхара ахьаҭаху аҭыҧқәа рҿы аиҳабыра иашьашәалоу аӡбара рыдыркылоит, иара убас, ауаа акомпенсациагьы рырҭоит.
„Аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ ҳаҟан. Ишыжәдыруа еиҧш, аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа мҩаҧысуеит. Ауаа рнырхара ахьаҭаху аҭыҧқәа рҿы иашьашәалоу аӡбара ҳадаҳкылоит, иара убас, ауаа акомпенсациа роуеит.
Аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа мышқәак рышьҭахь ихыркәшахоит, ари апроцесс ирласны имҩаҧысуеит.
Ақыҭауаа даҽазнык срыдашшылоит, ҷыдала срыдашшылоит зуацәа ҭахаз ауааҧсыра.
Арыцҳара ду ҟалеит. Аԥырҟәҟәаара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ҳаҧхьаҟа абри аҩыза ахҭысқәа рпревенциа азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Уажәтәи ахҭысгьы даараӡа ихьанҭан, аха, наҟ-наҟ абри аҩыза ахҭысқәа рпревенциазы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит“, – иҳәеит Аҧыза-министр .
Қырҭтәыла аҧыза-министр аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа дырҭааины, дрыдашшылеит.