Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциеи, НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа аусхәаҧштәи, наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла НАТО алаларазы аспирант тәылоуп, убри аҟынтә НАТО ашҟа аинтеграциа атәыла адәныҟатәи аполитика аҧыжәарақәа иреиуп, уи атәыла Аконституциала ишьақәырҕәҕәоуп.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Амшын еиқәа ашәарҭадара азҵаареи азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы Амшын еиқәа арегион аҭышәынтәалара иамоу аҵаки.
Аҧыза-министр НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Алианс ашҟа аинтеграциа апроцесс адгылареи иара ихатә ҽазышәарақәеи, иара убас, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, азхаҵамра аполитикеи ҕәҕәала адгылареи азыҳәан.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихатә офис адиректор актәи ихаҭыҧуаҩ Лоренц Меиер-Минемани, аполитикатә усқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ ихаҭыҧуаҩ, Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломинеи, НАТО апресспикер инапынҵақәа назыгӡо Дилан Уаиҭи, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихатә офис адиректор ихаҭыҧуаҩ Инга Уегнери, НАТО аидгыларатә офис анапхгаҩы Алеқсандр Виникови, Қырҭтәыла адеск-офицар, аполитикатә усқәеи ашәарҭадара аполитикеи аҟәша ахаҭарнак Стивен Елгерси.
Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, НАТО иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Виктор Долиӡеи.