Иракли Кобахиӡе - Миллионҩык раҟара ҳтәылауаа, ақырҭуаа Урыстәыла инхоит, ҳтәылауаа рзы аҧыррақәа реиҭашьақәыргылара аҵакы ду амоуп
«Миллионҩык раҟара ҳтәылауаа, ақырҭуаа Урыстәыла инхоит, 2019 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбара ақырҭуаа рҭагылазаашьа еицәанатәит. Ҳтәылауаа рзы аҧыррақәа реиҭашьақәыргылара аҵакы ду амоуп, ҳара уи ҳадгылоит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ателееилахәыра «Имеди» аефираҿ Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо авиааимадара аиҭашьақәыргылара алшара иадҳәаланы Сергеи Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, 2019 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбара Қырҭтәыла атәылауаа ирҧырхагахеит.
« 2019 шықәсазы Урыстәыла аҧыррақәа раанкыларазы ганкала аӡбара аднакылеит. Уи, Қырҭтәыла иаҿагыланы асанкциак ҳасабала иҟарҵеит, ари аӡбара ақырҭуаа рҭагылазаашьа еицәанатәит. Ҳтәылауаа рҭагылазаашьа еиҕьазтәша изакәызаалак аӡбара ҳазыразуп», — иҳәеит Ираклий Кобахиӡе.