Иракли Кобахиӡе – Маидан иалацәажәо ауаа роуп Украинеи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа 20 ныӡынеи Урыстәыла иазҭаз, дара аҭакҧхықәра агара ацынхәрас, Қырҭтәыла Маиданла иақәмақаруеит
Иракли Кобахиӡе – Маидан иалацәажәо ауаа роуп Украинеи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа 20 ныӡынеи Урыстәыла иазҭаз, дара аҭакҧхықәра агара ацынхәрас, Қырҭтәыла Маиданла иақәмақаруеит

Маидан иалацәажәо ауаа роуп Украинеи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа 20 ныӡынеи Урыстәыла иазҭаз, дара аҭакҧхықәра агара ацынхәрас, Қырҭтәыла Маиданла иақәмақаруеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рнапахгаҩы иажәақәа рыла,  аконкреттә ауааҧсыра рымшала,  абри аибшьараҿы жәанызқьҩыла украинаа ҭахеит.

„Маидан иалацәажәо ауаа роуп Украинеи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа 20 ныӡынеи Урыстәыла иазҭаз.  Аконкреттә ауааҧсыра рымшала абри аибашьраҿы жәнызқьҩыла украинаа ҭахеит,  абри зегьы Маидан иахылҵит. Иахьа арҭ ауаа аҭакҧхықәра агара ацынхәрас, Қырҭтәыла Маиданла иақәмақаруеит, уи угәы ҧнажәаратәы иҟоуп“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Қырҭтәыла иҟаз Америка ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ Уилиам Кортни Конгресс аҿы Қырҭтәыла иазкыз азыӡырҩраҿы иҳәеит: „Украинеи Қырҭтәылеи еиҿаҳарҧшыр, дара акыраамҭа иалагӡаны Евроеидгылахь зхы рхаз мҩак еицықәгылан.  Дара алхрақәа рҧаршеиреи шьҭахьҟа аамҭа зырхынҳәырц зҭахыз алидерцәеи проблемас ирзыҟалеит.  Убри амшала жәлартә револиуциақәа ҟалеит. Зны Қырҭтәылаҿ  „агәыилқәа рреволиуциа“, анеҩс, шықәсык ашьҭахь, Украина  „апатыркалҧшшәахәытә револиуциа“, нас,  2014 шықәсазы Украина, Маиданаҿ аҩбатәи ареволиуциа ҟалеит“.