Иракли Кобахиӡе Леван Ҭедиашвили иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Иракли Кобахиӡе Леван Ҭедиашвили иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аспортсмен Леван Ҭедиашвили иԥсра инамаданы аҳәамҭаҟаиҵеит, аԥыза-министр зыԥсҭазаара иалҵыз ақәԥаҩ иҭаацәара адашшылара рзааирԥшуеит.

“Алегендартә ақәԥаҩ  Леван Ҭедиашвили иԥсҭазаара дахьалҵыз даара сгәы иалсит.

Ақырҭуа ҭоурых аҿы Леван Ҭедиашвили зегь реиҳа идырыз ақәԥаҩ иакәын, ҩынттәи аолимпиатәи хәынтәтәи адунеитә чемпион, иԥсадгьыл ахьӡ адунеи иирдырит.

Леван Ҭедиашвили иҭаацәара изгәыбылҩцәа,  ауаажәлар срыдашшылоит”, – иҩит Иракли Кобахиӡе асоциалтә каҭаҿы.

Ҩынтәтәи аолимпиатә чемпион Леван Ҭедиашвили 75 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.