Иракли Кобахиӡе  Латвиеи, Естониеи, Лиетувеи, Исалндиеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа дырԥылеит
Иракли Кобахиӡе  Латвиеи, Естониеи, Лиетувеи, Исалндиеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа дырԥылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Баиба Бражеи, Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цаҳкнаси, Исландиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Тордис Кобрун Гильфадотири, Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергиси дырԥылеит.
Аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси ари амҩаҿ атәыла амоу апрогресси ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат тәыла астатус анашьара ашьҭахь аидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара аҵак ду шамоу.
Иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла азааигәахара ахырхарҭала алагала ду шамоу, ари амҩаҿ жәларбжьаратә партниорцәа рыдгылара ахадаратә ҵакы шамоу. Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, акандидат тәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла ахырхарҭа зегьы рҿы – адемократиеи, азин аиҳаӡареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, аекономикатә аҿиара атемпи уҳәа уб. егь.  аԥхьагылара амоуп. Иаҭакны Евроеидгыла иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟанаҵароуп.
Аиԥылараҿ иазааҭгылеит “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан.
Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, ари азакәан хықәкыс амоуп атәыла асуверенитет арӷәӷәара.