Иракли Кобахиӡе Китаи ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит
Иракли Кобахиӡе Китаи ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Китаи Жәлар рреспублика ацҳаражәҳәаҩҶоу Циен диԥылеит, – аарыцҳаит Аиҳабыра радминистарциа аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аԥыза-министр аиԥылараҿ ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык дидашшылеит ауаа рацәаны иалаӡыз Китаи иҟалаз адгьылҵысра инамаданы.

“Аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи Китаи ирыбжьоу астратегиатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицуреи ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиара апозитивтә динамика иахцәажәеит.

Иазгәаҭан зхы иақәиҭу ахәаахәтра иазку аиқәшаҳаҭреи авизадатә неиааиреи, ажәларқәа ирыбжьоу аимадарақәеи ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы шхыҳагоу“, –иануп аинформациа аҿы.