Иракли Кобахиӡе Киевынтә иааиз Амилаҭтә гвардиа арратә маҵзуҩцәа рхылҵ дырҧылеит, аиҳабыра арҭ ахәыҷқәа рыдыркылоит аҧхынтә лагер аҿы
Иракли Кобахиӡе Киевынтә иааиз Амилаҭтә гвардиа арратә маҵзуҩцәа рхылҵ дырҧылеит, аиҳабыра арҭ ахәыҷқәа рыдыркылоит аҧхынтә лагер аҿы

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Украина аҳҭнықалақь Киев аҟынтәи иааиз Амилаҭтә гвардиа арратә маҵзуҩцәа рхылҵ дырҧылеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рфинанстә цхыраарала, арҭ ахәыҷқәа аҧхынтә лагер аҿы рыҧсы ршьоит.Аҧыза-министр ахәыҷқәа драцәажәан, аиҳабыра дара ишрыдгыло раҳәаны, уаххьаҿы идикылеит. Аԥыза-министр ицын Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гьаргь Амилахварии Украинаҟны аиҩызара апарламенттә гәыҧ анапхгаҩы Арчил Ҭалакваӡеи.

Арратә маҵзуҩцәа рхылҵ, ҩымчыбжь ирылагӡаны, ахкырацәаратә акультура-арккаратәи агәҿыхратәи ауснагӡатәқәа рзымҩаҧыргоит. Иара убас, аекскурсиақәа рзеиҿыркаауеит. Аԥхынтә лагер раҧхьатәи асасцәа Харьков ақалақь аҟынтәи аҵаҩцәа ракәын.