Иракли Кобахиӡе - Џьоукы иҳәынҭқарратәым аиҿкаара аԥара аназоунашьҭуа, уи ашьҭахь ари аиҿкаара аиҳабыра рыԥхьатәра идҵаны анықәнаргыло, ҳара ҳзы ари адкылашьа амам
Иракли Кобахиӡе - Џьоукы иҳәынҭқарратәым аиҿкаара аԥара аназоунашьҭуа, уи ашьҭахь ари аиҿкаара аиҳабыра рыԥхьатәра идҵаны анықәнаргыло, ҳара ҳзы ари адкылашьа амам

Ҳхьыԥшымра иџьбароуп, иаҳҳәап “Дроаи” “Сирцхвилиаи” рганахьала, ауахәама аҳаҭыр лазырҟәо рганахьала, абри еиԥш аиҿкаарақәа рфинансркра аганахьала, – иҳәеит апартиа “Ақырҭу́а гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Русҭави-2 аефираҿы.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рганахьала иҟоу азыҟазаара иахәамԥшыкәа, зегьы азин шьаҭас аҭаны аарԥштәуп, актәи аԥхьарала иҳадаҳкылаз азакәан Венециатәи акмиссиа ахәшьара аиуроуп.

„Џьоукы иҳәынҭқарратәым аиҿкаара аԥара аназоунашьҭуа, уи ашьҭахь ари аиҿкаара аиҳабыра рыԥхьатәра идҵаны анықәнаргыло, ҳара ҳзы ари адкылашьа амам. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рганахьала иҟоу азыҟазаара иахәамԥшыкәа, зегьы азин шьаҭас аҭаны аарԥштәуп, актәи аԥхьарала иҳадаҳкылаз азакәан Венециатәи акмиссиа ахәшьара аиуроуп. Даҽазнык исҳәар сҭахуп, актәи аԥхьарала иҳадаҳкылаз адокумент иҳәынҭқарратәи аиҿкаарақәа раартызаара иазкуп”,  – иҳәеит Кобахиӡе.