Иракли Кобахиӡе ишааицҳаз ала, Аиҳабыра радминистрациаҿы акадртә ԥсахрақәа мҩаԥган
Иракли Кобахиӡе ишааицҳаз ала, Аиҳабыра радминистрациаҿы акадртә ԥсахрақәа мҩаԥган

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ишааицҳаз ала, Аиҳабыра радминистрациаҿы акадртә ԥсахрақәа мҩаԥган.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, Аиҳабыра радминистрациа напхгаҩыс дҟаҵоуп Леван Жоржолиани, уи уаанӡа Қарҭтәи Сакребуло аҿы аиуристтә комиссиа хантәаҩыс дыҟан.

Аиҳабыра радминистрациа Арегионқәа рҟны еизыҟазаашьақәа рдепартамент аиҳабыс дҟаҵоуп Николоз Тҟемалаӡе.

Урыстәылаҟны еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы аԥыза-министр ибжьагаҩс – Гьаргь Қаџьаиа.

Аԥыза-министр ибжьагаҩс дҟаҵоуп Зураб Абашиӡе.