Иракли Кобахиӡе IRI акыраамҭалатәи анаҧшратә миссиа алахәылацәа дырҧылеит
Иракли Кобахиӡе IRI акыраамҭалатәи анаҧшратә миссиа алахәылацәа дырҧылеит

Иракли Кобахиӡе, „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхратә штаб анапхгаҩы иаҳасабала,  Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI)  амиссиа алахәылацәа дырҧылеит. Аиҧылара рхы аладырхәит апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡеи,   евроинтеграциа акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвилии,  аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы акомитет ахантәаҩы Миқанаӡеи.

20ҩык акыраамҭалатәи анаҧшцәа рыла еиҿкаау амиссиа алахәылацәа рҟны аиҧылараан жьҭаара  26 рзы имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәеи алхраҧхьатәи алагылазаареи иалацәажәеит.

Анапхгаратә партиа алхратә штаб анапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара ҧасеиҧш, уажәгьы, иаҭаху зегьы ҟарҵоит зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рымҩаҧгаразы. Убри азыҳәан, атәылашҟа иаарыҧхьеит еицырдыруа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа акыраамҭалатәи аамҭакьаҿлатәи амиссиақәа рацәаны.

Иракли Кобахиӡе даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит жәларбжьаратәи анаҧшцәа активла аус рыцура дшазыхиоу.