Иракли Кобахиӡе Иран ахада ҿыц Масуд Пезешкиан  иинаугурациа ихы алаирхәоит 
Иракли Кобахиӡе Иран ахада ҿыц Масуд Пезешкиан  иинаугурациа ихы алаирхәоит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иран ахада ҿыц иинаугурациа ихы алаирхәоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, аинаугурациа аҽалархәра иадҳәаланы, Иран исламтәи ареспублика аҟынтә аофициалтә ааҧхьара иоуит. Иран Меџьлисаҿ имҩаҧысуа ацеремониа рхы аладырхәоит  70 аҳәаанырцәтәи делегациақәа.

Қырҭтәыла аҧыза-министр дицны Тегеранҟа ддәықәлоит авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили.