Иракли Кобахиӡе Иран ахада Масуд Пезешкиан диҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Иран ахада Масуд Пезешкиан диҧылеит 

 

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иран ахада ҿыц Масуд Пезешкиан диҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ахада ҿыц алхрақәа рҿы аиааира идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Иракли Кобахиӡе, Меџьлис аҿы имҩаҧысуа  Ирантәи исламтә республика ахада ҿыц иинаугурациа ацеремониа ихы алаирхәоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Тегеран дицуп  авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили.