Иракли Кобахиӡе - Илиа Ҭоҧуриагьы Мераб Двалишвилигьы,  рыцыҧхьаӡа аҳасабла  миллионк-миллионк лари раҳҭарц ҳаӡбеит
Иракли Кобахиӡе - Илиа Ҭоҧуриагьы Мераб Двалишвилигьы, рыцыҧхьаӡа аҳасабла миллионк-миллионк лари раҳҭарц ҳаӡбеит

Қырҭтәыла UFC ачемпион атитут азаазгаз Илиа Ҭоҧуриагьы Мераб Двалишвилигьы, аҧаратә ҳамҭа аҳасабала, рыцыҧхьаӡа миллионк лари раҳҭарц ҳаӡбеит, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, аспорттә қәҿиарақәеи атәыла аиааира азаагареи ишахәҭоу еиҧш ахә шьатәуп.

“Ақырҭуа спортсменцәа еиуеиҧшым аспортхкқәа рҿы зеиҧшҟамлац ақәҿиарақәа роуит, ари аганахьала аҵыхәтәантәи аҿырҧштәқәа иреиуп Мераб Двалишвили иоуз UFC ачемпион ититул.

Иахьазы UFC 8-ҩык ачемпионцәа рҟынтә ҩыџьа иқырҭуаауп, уи алагьы иубарҭоуп ақәҧара ақырҭуаа иреиҕьу рҟазшьақәа ишреиу. 4 миллионҩык ауааҧсыра ахьыҟоу Қырҭтәыла хәыҷы инаваргыланы, 200 миллионҩык ахьыҟоу Бразилиа мацароуп абри аҩыза алҵшәа змоу, ақырҭуаа зегьы уи ҷыдала ргәы аздууп. Илиа Ҭоҧуриеи Мераб Двалишвилии 3000 шықәса рыҩныҵҟа ақәҧараҿы иӡрыжәу  ақырҭуа хацәа рҟазшьа аадырҧшит, убри ала даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит ҳара, ақырҭуаа, ҳаҭырла ҳанықәҧо, ҳаҵархара аӡәгьы ишилымшо. 

Аспорттә қәҿиарақәеи атәыла аиааира азаагареи ишахәҭоу еиҧш ахә шьатәуп.  Убри аҟынтә, раҧхьаӡа акәны Қырҭтәыла UFC ачемпион атитут азаазгаз Илиа Ҭоҧуриагьы Мераб Двалишвилигьы, аҧаратә ҳамҭа аҳасабала, рыцыҧхьаӡа миллионк лари раҳҭарц ҳаӡбеит.
Мераб Двалишвилии Илиа Ҭоҧуриеи иҵегьы ақәҿиарақәа рацәа рзеиҕьаҳшьоит. Илиа Ҭоҧуриа жьҭаара 26 рзы амаҟа ахьчара изеиҕьаҳшьоит. Жьҭаара 26 ҳара иҳамшуп, агәра ганы сыҟоуп жьҭаара 26 рзы Илиа даҽа аиааирак ҳамҭас ишҳаиҭо!”, – иазгәаҭоуп аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.