Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, “Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку” азакәан атәыла ахада илыздықәырҵом, азакәан амч аиуеит атәыла ахада лнаҵаҩрада

20:52, 06.10.2023

«”Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку” азакәан атәыла ахада  илыздықәаҳҵом, азакәан амч аиуеит атәыла ахада лнаҵаҩрада», —  иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе  ателееилахәыра  «Имеди» аефираҿ.

«Ҳара азакәан иалагалоу аҧсахра анапаҵаҩразы атәыла ахада илыздәықәаҳҵом, избанзар, апарламент ари азакәан аднакылеит  Қырҭтәыла Аконституциа  45-46 ахәҭаҷқәа рышьаҭала акәымкәа,  36 ахәҭаҷ ашьаҭала. Убри аҟынтә, азакәан зыҧшра ҟамҵакәа амч аиуеит, атәыла ахада лнапаҵаҩрада», — иҳәеит  Кобахиӡе.

Иацы апарламент “Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку” азакәанпроект иадгылеит.

 

Еиԥшу