Иракли Кобахиӡе Иеиду Араҧтәи Емиратқәа авице-ахада аҧыза-министри, ашеих Муҳаммед бин Рашид  Аль Мактум диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Иеиду Араҧтәи Емиратқәа авице-ахада аҧыза-министри, ашеих Муҳаммед бин Рашид  Аль Мактум диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иеиду Араҧтәи Емиратқәа авице-ахадеи аҧыза-министри, Дубаи анапхгаҩы,  ашеих Муҳаммед бин Рашид Аль Мактум диҧылеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Адунеи аиҳабырақәа рсаммит ахь ааҧхьара ахьииҭаз азыҳәан, иара ишиҳәаз ала, ари аплатформа атәылақәа рыбжьара аимадара арҭбаареи еицырзеиҧшу аинтересқәа рылацәажәареи азы аҵакы ду амоуп.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала аус шеицыруа. Иара убас,  ишазгәаҭаз ала, аҧыза-министр Абу-Даби ивизитаан ақырҭуа агани  Emaar Properties/Eagle Hills-и ирыбжьарҵаз амеморандум  аҵакы ҷыда амоуп,  уи инақәыршәаны,  зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра Қырҭтәыла иаланаҵоит зеиҧшҟамлац ала идуу,  6 миллиард адоллар аинвестициа.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун аекономикатә усеицураҿы иҟоу адинамика бзиеи,  Қырҭтәыла еиқәыршәоу аинвестициатә лагылазаареи,  абизнес аҿиара  ацхраара иазку аҳәынҭқарратә программақәеи. Аганқәа рхаҭарнакцәа Иеиду Араҧтәи Емиратқәа идуӡӡоу аилахәырақәа қәҿиарала Қырҭтәыла имҩаҧырго апроектқәа ирзааҭгылеит. Ари аганахьала ҷыдала иалкаан Қарҭ ибоу абаҕәаза апроект,  ари апроект нарыгӡоит Абу-Даби абаҕәазақәа ргәыҧ аинвестициатә цхыраарала. Апроект хдыркәшараны иҟоуп  2025 шықәсазы.

Иара убас,  аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭратә еикәшара аизырҳареи,  аенергетикеи атуризми аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи азы иҟоу апотенциал дуи инаӡаны уи ахархәара аҵаки.

Иракли Кобахиӡе Иеиду Араҧтәи Емиратқәа аҧыза-министр аофициалла Қырҭтәылаҟа ааҧхьа ииҭеит.