Иракли Кобахиӡе - Иахьа Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа «Праиди», «Амилаҭтә ҵысреи» ирыдгыло арадикалтә оппозициаа ринтересқәа ирыҵанакәеит
Ҳара «Праид» аиҿкааҩцәа заанаҵы агәҽанҵара раҳҭеит дара ракциа аоппонентцәа рагрессиеи аилаҩынтәреи ахылҵыр шалшо, — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Иара ишазгәеиҭаз ала, амчылара арқьиара ҟалом, абри аҩыза афакт цыҧхьаӡа азинтә ақәҿыҭра аҭатәуп.
«Ҳара «Праид» аиҿкааҩцәа заанаҵы агәҽанҵара раҳҭеит дара ракциа аоппонентцәа рагрессиеи аилаҩынтәреи ахылҵыр шалшо. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, акциа амҩаҧгара аҟынтә рҽааныркыларц ҳрыҳәеит. «Праид» аиҿкааҩцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилигьы. Аиаша уҳәозар, «Праид» аӡәы изинқәа рыхьчара акәӡам изызку, уи асубиективтә политикатә интересқәа ирыдҳәалоуп. Иахьа Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа «Праиди», «Амилаҭтә ҵысреи» ирыдгыло арадикалтә оппозициаа ринтересқәа ирыҵанакәеит. Ажәлар реиҟәшара, аибарххара, мраҭашәаратә хырхарҭа аҿагылара — абри ауп зыӡбахәы ҳәоу аполитикатә мчқәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы хықәкыс ирымаз. Лабҿаба иубарҭоуп абри ахықәкы анагӡаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо. Ҳара атәылауаа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҳәынҭқарра иаҿагыло абарҭ аполитикатә мчқәа рсценари нарыгӡаратәы алшара рырымҭарц», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.