Иракли Кобахиӡе иахьа аконсультациақәа мҩаҧигоит Жәлар рыхьчаҩ икандидатура иадҳәаланы
Иракли Кобахиӡе иахьа аконсультациақәа мҩаҧигоит Жәлар рыхьчаҩ икандидатура иадҳәаланы

Жәлар рыхьчаҩ икандидатура ҿыц иадҳәаланы иахьа аконсультациақәа мҩаҧысуеит. Қырҭьәыла апарламент ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе аомбудсмен икандидатцра алхра азҵаара иадҳәаланы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, жәларбжьаратәи адонор аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа дырҧылоит.

Уажәы Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ аанызкыло Уча Нануашвили инапынҵақәа шьҭеиҵоит ҧхынҷкәын 7 рзы. Жәлар рыхьчаҩ изку азакәан инақәыршәаны, аомбдсмен ҩынтә далырхыр ҟалоит, аха анапхгаратә гәыҧ хаҭарнакцәа даҽазнык Уча Нануашвили икандидатура ақәыргылара ргәы иҭам.