Иракли Кобахиӡе - Иааиуа амзақәа рзы апарламент аҿы аидеалтә ҭагылазаашьа ҳамазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит
Иракли Кобахиӡе – Иааиуа амзақәа рзы апарламент аҿы аидеалтә ҭагылазаашьа ҳамазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит
Арадикалтә оппозициеи аконструктивтә усуразы аресурсқәа змоу аполитикатә мчқәеи рыбжьара ацәаҳәа ҟалап ҳәа сгәыҕуеит. Убасҟан, мызқәак рышьҭахь, апарламент аҿы аидеиалтә ҭагылазаашьа ҳамазаауеит, — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе.
«Иааиуа амзақәа рзы апарламент аҿы аидеалтә ҭагылазаашьа ҳамазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Изакәызаалак шьаҭак рымамкәа алхрақәа рҧаршеира иалацәажәо ауаа ҳаҧхьааҟагьы уи иаҟәыҵуам. Аха ус згәы иаанагоз, аха иахьа ҽакала ихәыцуа аполитикатә мчқәа аресурс ду рымоуп. Дара еиуеиҧшым атемақәа рылацәажәара рылшоит, алхратә система ареформагьы уахь иналаҵаны. Ҳара аиҿцәажәара наҳагӡоит. Убри ашьаҭа ала, хара имгакәа, апартиарацәатә парламент ҳауроуп», — иҳәеит Кобахиӡе.