Иракли Кобахиӡе – Ҳтәыла акоррупциа аҟамзаара аганахьала иреиҕьу европатәи 3 тәылак рыгәҭа игылазароуп, абри ауп ҳасабтәс иҳамоуп
Акоррупциа аҿагылара – ҳара ҳзы аҧыжәара змоу азҵаарақәеи ахықәкқәеи, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, акоппупциа аҧыхра аганахьала, аҧхьагылара амазар аҭахуп.
«Апарламентаҿ санықәгылозгьы исҳәеит иахьатәи адыррақәа шыбзиоу, аха, уи аҿы ҳаангылар ҟалом. Ҳтәыла акоррупциа аҟамзаара аганахьала иреиҕьу европатәи 3 тәылак рыгәҭа игылазароуп, абри ауп ҳасабтәс иҳамоу», — иҳәеит Кобахиӡе.