Иракли Кобахиӡе - Ҳҳәынҭқарраҿы ажәлар иалырхыз анапхгароуп иҟоу, уи згәамҧхо иҟазар ҟалап, аха, уи дара ирусым, - ақырҭуа жәлар роуп ари аӡбара здызкылаз
Агәра ганы сыҟоуп Робин Данниган лаҵара 26 иазкыз аусмҩаҧгатә далахәызар шылҭахыз, аха, «Дип стеит» анырра амшала уи еиҧш алшара лырымҭеит», — иҳәеит Қырҭәтыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарратә департамент иҟанаҵаз адныҳәалара адресат амамызт, уи ииашам, уи «Дип стеит» анырроуп иаанаго.
«Ҳҳәынҭқарраҿы ажәлар иалырхыз анапхгароуп иҟоу, уажәазы иҟоу аиҟәшара иҧсаабаратәымкәа иаҧҵоуп, уи ақырҭуа жәлар раҳаҭыр аларҟәроуп иаанаго. Қырҭтәыла ауааҧсыра роуп атәыла анапхгара алызхуа. Ҵыҧх жьҭаара 26 рзы 1 миллион 120 нызқьҩык уажәтәи анапхгара ирыдгылеит. Уи згәамҧхо иҟазар ҟалап, аха, уи дара ирусым, – ақырҭуа жәлар роуп ус зыӡбаз.
Адныҳәаларақәа ҳрылацәажәозар, Аҳәынҭқарратә департамент иҟанаҵаз адныҳәалара адресат амамызт, уи ииашам, уи «Дип стеит» анырроуп иаанаго. Агәра ганы сыҟоуп Робин Данниган лаҵара 26 иазкыз аусмҩаҧгатә далахәызар шылҭахыз, аха, «Дип стеит» анырра амшала уи еиҧш алшара лырымҭеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.