Иахьатәи амш ҳтәылазы аҵакы ҷыда амоуп. 35 шықәса раҧхьа, 1991 шықәса мшаҧы 30 рзы, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаваргыланы, раҧхьатәи арратә маҵзуҩцәа рыдкылара ала, ҳаамҭазтәи Атәылахьчаратә мчқәа ишьаҭакын, дара аҳәынҭқарра аҕәҕәара асимволс иҟалеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рышьаҭакра инаркны 35 шықәса аҵра инамаданы Вазиани имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа ар еснагь иҟан, егьыҟалоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, асуверенитети, аҵакырадгьылтә акзаареи ахәдықәҵаҩ хадас.
„Ҳбџьармчқәа еснагь иҟан, егьыҟалоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, асуверенитети, аҵакырадгьылтә акзаареи ахәдықәҵаҩ хадас. Ашьаҭакра амш инаркны, ҳбџьармчқәа, ақәҧарақәа зегьы рҿы қәнагарала ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра рыхьчон. Иара убас, ақырҭуа аруаа, ҳпартниорцәа ирывагыланы, адунеи еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы, рхы иамеигӡакәа, аглобалтә аҭынчреи ашәарҭадареи иазықәҧон. Шәпрофессионализми шәгәымшәареи рыбзоурала, иреиҳаӡоу жәларбжьаратәи азхаҵареи ҳпартниорцәа рҟынтә агәрагара дуи шәоуит.
Иахьа ҳара, ахьаа дула, аҳаҭыр дула иҳгәалаҳаршәоит ҳаҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа. Қырҭтәыла акзаареи адунеи аҿы аҭынчреи зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа ҳреихырхәоит. Дара рыхмеигӡара ҳтәыла аҭоурых иузаҟәымҭхо, наунагӡатәи хәҭоуп“, – иҳәеит аҧыза-министр.