Иракли Кобахиӡе  - Ҳара уажәгьы Евроеидгыла алалара хықәкыс иҳамоуп, аха, ари амҩа ҳахысыр ҳҭахуп аҧҟарақәеи аиашареи апринципқәеи рыла
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара уажәгьы Евроеидгыла алалара хықәкыс иҳамоуп, аха, ари амҩа ҳахысыр ҳҭахуп аҧҟарақәеи аиашареи апринципқәеи рыла

Мчқәак евроинтеграциа азҵаара ақырҭуа жәлар ирҿагыло ашантаж азы рхы иадырхәар рҭахуп, ҳара уи еиҧш алшара раҳҭом, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  CCTV адырраҭара  Leaders Talk аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала,  2022 шықәсазы Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟанаҵеит, аха, усҟан мап ацәыркит.

„Акандидат астатус аиуразы шықәсыкибжаки ҳҭаххеит. Ҳара уи ҳазықәҧон. Акандидат астатусгьы ашантаж азы рхы иадырхәит. Анҩес, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаарала ашантаж ҳзура иалагеит, уи бзиам, избанзар,  анеҩс, ари азҵаара амшала, Қырҭтәыла  аилаҩынтәра иалагеит.  Ҳәарада, ҳара уажәгьы Евроеидгыла алалара хықәкыс иҳамоуп, аха, ари амҩа ҳахысыр ҳҭахуп аҧҟарақәеи аиашареи апринципқәеи рыла. Абасоуп ари азҵаара ҳшахәаҧшуа”, – иҳәеит аҧыза-министр.