Иракли Кобахиӡе - Ҳара ҳуааҧсыра рџьаустә интересқәа ҳахьчароуп, аусура аганахьала ҳтәылауаа рҟны аконкуренциа ахьыҟамло аусхкқәа иҟоуп
«Ҳара ҳуааҧсыра рџьаустә интересқәа ҳахьчароуп, ари апрактика зтәатә тәылауаа ринтересқәа иреиҷаҳауа иарбанзаалак ҳәынҭқарраҿы аларҵәара амоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамаҭала, атәымуаа аусурҭала реиқәыршәара ахьыҟамло аусхкқәа иҟоуп. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аџьаус аџьармыкьаҿы Қырҭтәыла атәылауаа рзы имцхәны аконкуренциа аҧҵара ҟалом.
«Ҳара ҳуааҧсыра рџьаустә интересқәа ҳахьчароуп, ари апрактика зтәатә тәылауаа ринтересқәа иреиҷаҳауа иарбанзаалак ҳәынҭқарраҿы аларҵәара амоуп. Аусура аганахьала ҳтәылауаа рҟны аконкуренциа ахьыҟамло аусхкқәа иҟоуп, ҳара арҭ аусхкқәа ҳәаақәаҳҵеит. Ақәҵара ҿыц ҳалацәажәозар, ҳара аквотақәа шьақәҳаргылеит. Усхкқәак рҿы аквотақәа иҟам, араҟа ҳтәылауаа аконкуренциа рымазар ҟалом. Ҳара, иҳалшоз ала, ҳтәылауаа рџьаустә интересқәа ҳахьчеит ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, атәылаҿы еснагь анхара азин змам атәымуаа апассаџьырцәа рымҩангареи, акуриертә маҵзуреи, агидцәа рмаҵзуреи аусхкқәа рҿы аусурҭа рыҭара ҟалом.