Иракли Кобахиӡе - Ҳара "Европатәи асоциалистцәа рпартиеи" ари апартиа иадҳәалоу егьырҭ аидҵарақәеи рылахәызаареи анаҧшратә статуси мап ацәаҳкырц ҳаӡбеит
«Ҳара “Европатәи асоциалистцәа рпартиеи” ари апартиа иадҳәалоу егьырҭ аидҵарақәеи рылахәызаареи анаҧшратә статуси мап ацәаҳкырц ҳаӡбеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, ари азҵаара иадҳәаланы, «Европатәии асоциалистцәа рпартиа» ашҟа зыҧшра ҟамҵакәа ашәҟәы дәықәырҵоит.
Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, “Европатәи асоциалистцәа рпартиаҿы” «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәызаара Қырҭтәыла евроинтеграциазы аконтрпродуктивтә ҟазшьа аман.
«Иахьа инаркны, ҳтәылеи ҳажәлари рҿаҧхьа иқәҳаргылаз адәныҟаполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы, «Ақырҭуа гәахәтәы» европатәи аполитикатә партиақәа зегьы еиҟароу азинла аус рыцнауеит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.