Иракли Кобахиӡе  - Ҳара даҽазнык аоппозициаа ирыдаагалеит Аиустициа ахеилак алахәразы ирҭаху акандидатцәа иқәдыргыларц, аха, рыцҳарас иҟалаз, ишубарҭоу ала,  дара ари азҵааразы абжьыҭира аҧыхра рҽазыркит

«Ҳара даҽазнык аоппозициаа ирыдаагалеит Аиустициа ахеилак алахәылазааразы ирҭаху акандидатцәа иқәдыргыларц, аха, рыцҳарас иҟалаз, ишубарҭоу ала,  дара ари азҵааразы абжьыҭира аҧыхра рҽазыркит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Иара даҽазнык аоппозициаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит аконструктивра аадырҧшырц.

«Дара аконкреттә кандидатурақәа ирыдгылар рҭахызар, акандидатцәа рыхьӡқәа рҳәааит, мамзаргьы, рыхьӡқәа мҳәаӡакәа абжьыҭираан ирыдгылааит. Усгьы ҟалоит. Абра иубарҭахоит дара акандидат астатус аиура рҭахыҵәҟьазар.  Иааиуа амшқәа рзы абжьыҭира мҩаҧаагар ҟалап. Акандидатцәа  ралхра ҳалшар, акандидат астатус аиура апроцессаҿ ҧхьаҟа ицо даҽа шьаҿак ҟаҳҵоит», — иҳәеит  Кобахиӡе.