Иракли Кобахиӡе – Ҳара ақырҭуа дгьыл атәымуаа ирзаҳҭиуам,  аҳәынҭқарра адгьылҭыҧқәа рыҧшәмацәаны иаанхоит, апартниор адгьылҭыҧ аҭира азин имам
Иракли Кобахиӡе – Ҳара ақырҭуа дгьыл атәымуаа ирзаҳҭиуам,  аҳәынҭқарра адгьылҭыҧқәа рыҧшәмацәаны иаанхоит, апартниор адгьылҭыҧ аҭира азин имам

Қырҭтәыла аҳәынҭқарра адгьылҭыҧқәа рыҧшәмацәас иаанхоит, апартниор адгьыл аҭира азин имам, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе апарламентаҿ данықәгылоз.

Иара иҳәамҭала, арҭ адгьылҭыҧқәа рхархәара хықәкы зацәык амазар ауеит, – адевелопертә проектқәа рынагӡара.

„Қырҭтәылеи „Игл Ҳилси“ ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала уигьы иазҧхьагәаҭоуп, аҩ-ҭыҧк ақыҭанхамҩатә зкызаара рымам. Аргыларатә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь автономтә зкызаара роуам, ари адгьылҭыҧ иашьашәалоуц  ахыбра-аргыламҭа иаҵанакуеит.  Ҳоппонентцәа ақырҭуа дгьылқәа атәымуаа рзыҭира ҳхарарҵоит, аха, аргама исҳәар сҭахуп – ақырҭуа дгьыл атәымуаа ирзаҳҭиуам, аҳәынҭқарра адгьылҭыҧқәа рыҧшәмацәаны иаанхоит, апартниор адгьылҭыҧ аҭира азин имам “, – иҳәеит аҧыза-министр.