Иракли Кобахиӡе  - Ҳара ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳазыхиоуп, аха, ашьаҿа ҧгалақәа ҳбароуп, уи ауп ихадоу  
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳазыхиоуп, аха, ашьаҿа ҧгалақәа ҳбароуп, уи ауп ихадоу  

«Ҳара ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳазыхиоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи хҧа-ҧшьба шықәса рыла ақырҭуа -америкатә еизыҟазаашьақәа цәыгьахеит.

«Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәозар, ҳара аҧшра арежимаҿ ҳаҟоуп. Ҳара аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳазыхиоуп. Ишыжәдыруа еиҧш,  аҵыхәтәантәи хҧа-ҧшьба шықәса рыла ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа цәгьахеит. Убри аҟынтә,  ҳаизыҟазаашьақәа ҳарҽеироуп,  аха,  ашьаҿа ҧгалақәа ҳбароуп,  уи ауп ихадоу. Абри аҩыза ашьаҿақәа аныҟалалак,  арҭ ҳаизыҟазаашьақәа рҿы аиҭакрақәа ҟалоит.  Ҳара уи ҳазыҧшуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.