Иракли Кобахиӡе  - Ҳара Анаклиатәи абаҕәаза арҵаулареи ацәқәырҧаҧҽыга аргылареи иазку аиқәшаҳаҭра  ҳаиҭахәаҧшит, апроект ахә ҳармаҷит  52,5 миллион адолларла 
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара Анаклиатәи абаҕәаза арҵаулареи ацәқәырҧаҧҽыга аргылареи иазку аиқәшаҳаҭра  ҳаиҭахәаҧшит, апроект ахә ҳармаҷит  52,5 миллион адолларла 

«Қырҭтәыла аиҳабыра аҭакҧхықәра адуп аинфраструктуратә проектқәа зегьы еффективла рымҩаҧгареи, излауа ала  имаҷны абиуџьеттә аҧара аныхреи азы», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа, Анаклиатәи абаҕәаза апроектгьы, ирыдҳәаланы,   аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аҳәынҭқарратә харџьқәа роптимизациа мҩаҧган.

«Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа ирыдҳәаланы,   аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аҳәынҭқарратә харџьқәа роптимизациа мҩаҧган.  Арҭ аиқәшаҳаҭрақәа иреиуп Анаклиатәи абаҕәаза арҵаулареи ацәқәырҧаҧҽыга аргылареи иазку аиқәшаҳаҭрагьы. Аханатә ари апроект  203,9 млн адоллар иаҧсан. Ахылаҧшратә еилахәыреи ҳареи иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра ҳаиҭахәаҧшын,  уи ахә   25%-ла  —  52,5 млн адолларла иҳармаҷит. Уи абзоурала, иааиуа амшқәа рзы Анаклиа аргыларатә процесс активла еиҭалагоит, иаҳа имаҷу ахарџьқәа рыла.  Қырҭтәыла аиҳабыра аҭакҧхықәра адуп аинфраструктуратә проектқәа зегьы еффективла рымҩаҧгареи, излауа ала  имаҷны абиуџьеттә аҧара аныхреи азы. Аекономика аминистри аминистрра агәыҧи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп,  дара рыбзоурала,  аҳәынҭқарратә биуџьет аҿы  52,5 млн адоллар аиҷаҳара ҳалшеит», — иҳәеит аҧыза-министр.