Иракли Кобахиӡе – Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳара Евроеидгыла адиректива наҳагӡоит
«Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳара Евроеидгыла адиректива наҳагӡоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, арегулиациақәа зегьы, ахы инаркны аҵыхәанӡа, Евроеидгыла адиректива ашьаҭала ишьақәыргылоуп.
«Азакәанпроект Евроеидгылашҟа идәықәҵоуп, иара убас, ҳара вариантқәак рыдаагалеит. Дара х-вариантк рҟынтә ак еиҕьаршьеит, ҳаргьы уи алҳхит, ари ауп иҟалаз. Апатудара иазку анҵамҭа ҧасагьы иҟан, уи ишыҟаз еиҧш иаанхоит. Ари азҵаара акультура иадҳәалоуп, ҳара уи ҳҽалаагалом. Сара апроект цқьа самыҧхьацт, абжьыҭиранӡа сахәаҧшуеит, избан? — Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳара Евроеидгыла адиректива наҳагӡоит. Ари азакәанпроект згәамҧхо дыҟазар, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа драцәажәааит. Иҳашәҳәо зегьы ҟаҳҵоит ҳәа раҳҳәеит. Ҳара изакәызаалак аполитикатә интересск ҳамам», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.