Иракли Кобахиӡе –Ҳарҭ иаҳмыхьчар ҳҳәынҭқарра аԥшыхәҩцәа рыҟнытә, Европа алахәылара акәым, ҳахьԥшымрагьы ҳцәыӡуеит
Иракли Кобахиӡе –Ҳарҭ иаҳмыхьчар ҳҳәынҭқарра аԥшыхәҩцәа рыҟнытә, Европа алахәылара акәым, ҳахьԥшымрагьы ҳцәыӡуеит

 

«Ҳарҭ ԥхьаҟа Европа ахь ҳнеилоит ақьырсианра ҳаманы, ҳарҭ ҳнеилоит ҳахьԥшымра ҳаманы, апату ҳаманы Европа ахь ҳнеилоит»- иҳәит абрифинг аҟны «Қырҭтәыла агәыхәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Иара иҳәамҭа ала аԥшыхәҩцәа рыҟнытә атәыла рмыхьчар Евроеидгылагьы изалахәхом.

«Ари имҩаԥысуа ахҭыс азеиԥш амаӡам Европеи, Евроеидгылеи. Ҳарҭ иаҳмыхьчар ҳҳәынҭқарра аԥшыхәҩцәа рыҟнытә, Европа алахәылара акәым, ҳахьԥшымрагьы ҳцәыӡуеит. Атәыла Европатә аинститутқәа пату рықәҵара ҳаналацәажәо, иргәалаҳаршәоит ҳарҭ азакәанпроет ҳашьҭхьеит Венециатә акоиссиа ахь, уи аилыргареи, ашьақәырӷәӷәареи акыр мзы аҭахуп, ари азакәан аилыргара нагӡахоит Венециатә акомиссиа аихшьаала аамышьҭахь» – иҳәит Иракли Ӷарибашвили