Иракли Кобахиӡе - Ҳалхратә позициақәа ҕәҕәоуп, иахьазы «Ақырҭуа гәахәтәы» 60% адгылара амоуп
«Наҟ-наҟ атәыла аҿиара еиқәыршәазарц азыҳәан, ҳара амаксималтә легитимациа ҳҭахуп, ҳара Қырҭтәылаҿ алибералтә фашизм аҵыхәанӡа ҳаиааироуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр, «Ақырҭуа гәахәтәы» алхратә штаб анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иҳәамҭала, алиберал-фашисттә жәыларақәак шыҟазгьы, алхратә процесс ҭынч имҩаҧысуеит.
Апартиа аофис аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Кобахиӡе ишиҳәаз ала, аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа алхрақәа раҧхьа агрессивтә алхратә лагылазаара аҧырҵар рҭахуп.
«Ҳара алхратә кампаниа ааҳартит, жьҭаара 26 рзы имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рзы ҳҽазыҟаҳҵоит. Ҳалхратә позициақәа ҕәҕәоуп, иахьазы «Ақырҭуа гәахәтәы» 60% адгылара амоуп. Излауа ала алҵшәа бзиа ҳаурц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Наҟ-наҟ атәыла аҿиара еиқәыршәазарц азыҳәан, ҳара амаксималтә легитимациа ҳҭахуп, ҳара Қырҭтәылаҿ алибералтә фашизм аҵыхәанӡа ҳаиааироуп. Уи азыҳәан амаксималтә легитимациа ҳамазароуп, абарҭ алхрақәа рҿы хымҧада алегитимациа наӡа ҳауеит. Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит 2024 шықәсазы зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаҧгаразы.
Алхрақәа ҭынч имҩаҧысроуп, уи аҵакы ду амоуп. Алиберал-фашисттә жәыларақәак шыҟазгьы, алхратә процесс ҭынч имҩаҧысуеит. Рыцҳарас иҟалаз, апровокациақәа нагӡахоит ҳәа ҳгәы иаанагоит.
Аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» 30%-гьы рзеизымгеит, дара апровокациақәа рыҟаҵаразы амотивациа ду рымоуп. Дара агрессиатә алхратә лагылазаара аҧырҵар рҭахуп, аха, ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит алхрақәа ҭынч имҩаҧысырц азыҳәан», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.