Иракли Кобахиӡе - Гал араион, Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара ду изакәытә хьаау иаҳзаанагаз ажәала исызшәаҳәом
Иракли Кобахиӡе - Гал араион, Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара ду изакәытә хьаау иаҳзаанагаз ажәала исызшәаҳәом

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

“Гал араион, Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара ду изакәытә хьаау иаҳзаанагаз ажәала исызшәаҳәом. Хаҭала сареи Қырҭтәыла аиҳабыреи ҳахьӡала амцакраан иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәареи рыуацәеи гәык ала ҳрыдашшылоит”,- иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Хәҩык ахәыҷқәа ҭахеит импыҵахалоу Гали араион Саберио ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны. Арыцҳара ажьырныҳәа 5 рзы ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахәыҷқәа ранду амца анеиқәылҵоз абензини акеросини лцәеилагеит.