Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәылатәи афедеративтә республика ахада Франк Вальтер Штаинмаиер диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы Қырҭтәылеи Германтәылеи қәҿиарала русеицура иалацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аинституциатәи асоциал-економикатәи аҿиара апроцессаҿ Германтәыла инанагӡо ароль ду.
Хшыҩзышьҭр азун атәыла европатәии евроатлантикатәи интеграциа. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазку аҭоурыхтә аӡбара аҵакы. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара европатәи амҩа иазгәыкуп, уажәазы хықәкыс ирымоу алаларазы аиҿцәажәарақәа раартра, ари апроцессаҿ Германтәыла аҟынтә адгылара аҵакы ҷыда анашьоуп.
Аиҧылараҿ хшыҩзышьҭра азун ашәарҭадара аҭагылазаашьа. Германтәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Германтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Иракли Кобахиӡе Германтәыла ахада уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Германтәыла ахада иханаҿ асас дахьқәа рышәҟәы аҟны агәаларшәагатә нҵамҭа ҟаиҵеит.