Иракли  Кобахиӡе  - Фымзтәи адыррақәа рыла,  9%-тәи аекономикатә азҳара ҳамоуп, зегьы рыла иубарҭоуп сынтәа ҳара аекономикатә азҳара цыҧхтәи арбага аиҕьтәра шҳалшо
Иракли  Кобахиӡе  - Фымзтәи адыррақәа рыла,  9%-тәи аекономикатә азҳара ҳамоуп, зегьы рыла иубарҭоуп сынтәа ҳара аекономикатә азҳара цыҧхтәи арбага аиҕьтәра шҳалшо

«Сынтәа ҳара аекономикатә азҳара цыҧхтәи арбага аиҕьтәра ҳалшоит. Уи азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҵазароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, фымзтәи адыррақәа рыла,  атәылаҿы  9%-тәи аекономикатә азҳара иҟоуп, уи арегион мацараҿ акәымкәа,   Европа амасштабқәа рылагьы иреиҕьу арбагоуп.

«Иацы аекономикатә азҳара иазку адыррақәа цәырган, фымзтәи арбага аарҧшын,  атәылаҿы  9%-тәи аекономикатә азҳара иҟоуп, уи арегион мацараҿ акәымкәа,  Европа амасштабқәа рылагьы иреиҕьу арбагоуп. Ҳара ҳзы аҵакы хада змоу аҳасабтәқәа иреиуп аекономикатә азҳара аццакра ахьчара. Аекономикатә азҳара – ахырхарҭақәа зегьы рыла атәыла аҿиареи, ауааҧсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи ауп иаанаго. Анеҩстәи амзақәа рзы ҳусура аекономикатә азҳара аццакра ахьчара иазкызаауеит.  Зегьы рыла иубарҭоуп сынтәа ҳара аекономикатә азҳара цыҧхтәи арбага аиҕьтәра шҳалшо. Уи азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҵазароуп», — иҳәеит  Кобахиӡе.