Иракли Кобахиӡе „Феррари Ҭбилиси“ раҧхьатәи аофициалтә фоурум аартра ацеремониа ихы алаирхәит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии дрыцны, „Феррари Ҭбилиси“ раҧхьатәи аофициалтә шоурум аартра ацеремониа ихы алаирхәит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы автомобилтә дунеи аҿы аҧхьагылара змоу аилахәыра Қырҭтәыла аусура алагара аҵакы азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, ари афакгьы даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу, уадзыҧхьало абизнеслагылазаара шеиқәыршәоу.
“Қырҭтәыла Феррари ацентр аадыртуеит ҳәа 15-20 шықәса раҧхьа аӡәы иҳәазҭгьы, аӡәгьы ихеиҵомызт, аха, иахьа лабҿаба иаабеит уи шыҟалаз. Шәызынтәгьы иахьатәи амш шәыдысныҳәалар сҭахуп. Уи алагьы иубарҭоуп атәыла аҿиара ишаҿу, атәыла аекономика аҿиара ишаҿу. Ҳара, згәыдурала иаҳҳәар ҳалшоит аинвестициақәа рзы, аекономикатә усуразы иахәҭоу алагылазаара ҳамоуп ҳәа, иахьатәи амшгьы уи шьақәнарҕәҕәоит – „Феррари“ Қырҭтәыла аусура иалагеит.
„Феррари“ автомобилтә индустриаҿы аҧхьагылара змоу еилахәыроуп, алидерҵәҟьоуп, уи италиатәи ахаҭабзиара аеталонуп, иахьа „Феррари“ ҳтәылаҿы иҟоуп, ҳара уи ҷыдала ҳазгәдууп”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аҧыза-министр Европеи Азиеи арегионқәа рҿы „Феррари“ ахада Рено де Поли „Назар ҳолдинг“ ашьаҭакҩы Али Назари ҷыдала ҭабуп ҳәа раҳәаны, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит. Аусмҩаҧгатә аҿы иҟаз асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, „Назар ҳолдинг“ ашьаҭакҩы Али Назари, Европеи Азиеи арегионқәа рҿы “Феррари“ ахада Рено де Поли, „Феррари Ҭбилиси“ аменеџьер хада Ҭамар Сахеишвилии.
Аусмҩаҧгатә аҿы иҟан Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи абизнес ахаҭарнакцәеи.