Иракли Кобахиӡе  - Европарламент арезолиуциа аиашамреи аҵаки иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, ари арезолиуциа   ҳара ҳзы акгьы аҵанакуам
Иракли Кобахиӡе  - Европарламент арезолиуциа аиашамреи аҵаки иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, ари арезолиуциа   ҳара ҳзы акгьы аҵанакуам

«Европарламент арезолиуциа аиашамреи аҵаки иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, ари арезолиуциа   ҳара ҳзы акгьы аҵанакуам», — иҳәеит  Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы визитла иҟоу Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала,  Европарламент Қырҭтәыла иазкны 5 резолиуциак аднакылахьеит,  урҭ рызынтәгьы исериозымызт.

«Уажәы афбатәи апроект адкылара ргәы иҭоуп,  ҧасатәи арезолиуциақәа реиҧшҵәҟьа,  аригьы ҳара ҳзы акгьы аҵанакуам,  избанзар,  арҭ арезолиуциақәа ҳтәылаҿ иҟоу алабҿабара аадырҧшуам.

Алабҿабара абасоуп ишыҟо – Қырҭтәыла анапхгара азыруеит адемократиатә мчқәа,  аоппозициа адемократиа иаҿагылоит. Аха,  ишыжәбо еиҧш,  арезолиуциақәа рҿы арадикалтә оппозициа ирыдгылоит,  арадикализм уҳәа, Америка администрациа ҿыц акритика ззыруа зегьы иаҿагылоит.

Убри аҟынтә,  Европарламент арезолиуциа аиашамреи аҵаки иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, ари арезолиуциа   ҳара ҳзы акгьы аҵанакуам», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.