Иракли Кобахиӡе Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Иан Борџь диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Иан Борџь диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо, Мальта адәныҟатәии европатәии аусқәеи ахәаахәҭреи рзы аминистр Иан Борџь диҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ари авизит аҵакы иазгәаҭаны, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Мальта Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩра анамоу аамҭазы, Қырҭтәыла ари аиҿкаара аус ацура ишазыхиоу.

Аиҧылара алахәылацәа сынтәа Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа ирылацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҵакы ҷыда амоуп иаарту, ииашоу, зхы иақәиҭу алхрақәа рымҩаҧгара, атәыла анапхгара жәларбжьаратәи анаҧшцәа, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аинститутқәа рхаҭарнакцәагьы рылахәызаара ацхраара иазыхиоуп.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра рызун Мальтеи Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа. Аҧыза-министр Мальта ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аформатаҿ Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.