Европа аполитикатә аидгыла асаммит аднакылаз адокумент аҿы Қырҭтәыла иазку анҵамҭа ахьыҟоу аҵак ду амоуп. Иаарԥшын аенергетикатә аимадареи атранзиттә функциеи рганахьала Қырҭтәыла амоу ароль, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Европа аполиткиатә аидҵара асаммит аҿы аинтерес злаз адискуссиақәа маԥган.
“Адискуссиақәа рхы аладырхәит европатәи атәылақәа рхадацәа, рԥыза-министрцәа. Аинтерес змаз форматын. Саргьы аенергетикатә аимадарақәа ртема иазкны сықәгылеит, ари азҵаара асаммит аҿы тема хаданы иқәгылан. Европа аполитикатә аидгыла асаммит аднакылаз адокумент аҿы Қырҭтәыла иазку анҵамҭа ахьыҟоу аҵак ду амоуп. Иаарԥшын аенергетикатә аимадареи атранзиттә функциеи рганахьала Қырҭтәыла амоу ароль. Имҩаԥаагеит ҩганкалатәи аиԥыларақәа. Ари аформат иабзоураны ҳтәыла амилаҭтә интересқәа раарԥшразы иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит”, – иҳәеит Кобахиӡе.