Иракли Кобахиӡе – Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа раартра атема ашантаж азы ахархәара ҟалом,  азакәан цәырааагаанӡа аиҿцәажәарақәа раартра ашанс зынӡаскгьы иҟамызт,  уажәы ари ашанс иазҳаит  20-30%-нӡа 
Иракли Кобахиӡе – Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа раартра атема ашантаж азы ахархәара ҟалом,  азакәан цәырааагаанӡа аиҿцәажәарақәа раартра ашанс зынӡаскгьы иҟамызт,  уажәы ари ашанс иазҳаит  20-30%-нӡа 

2023 шықәсазгьы еиуеиҧшым аҳәамҭақәа ҟаҵан,  аха,  акандидат астатус ҳауит; апринципра ахьааурҧшуа уаҟа алҵшәагьы уоуеит,-  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа раартра иазкны ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа раартра атема ашантаж азы ахархәара ҟалом.

„ Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа раартра атема ашантаж азы ахархәара ҟалом.  2022 – 2023 шықәсазы ашантаж ҳзыҟахҵоз ауаа роуп иахьагьы уи назыгӡо.  Еиҭасҳәар сҭахуп – азакәан цәырааагаанӡа аиҿцәажәарақәа раартра ашанс зынӡаскгьы иҟамызт, ҳара уи ибзиаӡаны иаадыруеит, избанзар,  ари атемазы Евроеидгыла аконкреттә хаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧган.  Азакәан анҳадаҳкыла ашьҭахь,  ари ашанс иазҳаит  20-30%-нӡа, иахьазы абасоуп ишыҟоу. Аҳәамҭақәа рыҟаҵара акоуп, алҵшәақәа – зынӡаскгьы даҽакуп.  2023 шықәсазгьы еиуеиҧшым аҳәамҭақәа ҟаҵан, аха, акандидат ататус ҳауит. Апринципра ахьааурҧшуа зехьынџьара алҵшәа уоуеит“, –  иҳәеит Иракли Кобахиӡе.