Иракли Кобахиӡе - Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус атема арадикалтә оппозициаа рзы алаҧшхырҧаган
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, иацы имҩаҧысуаз ахҭысқәа ҵыхәҧҵәарала ишьақәдырҕәҕәеит Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус атема арадикалтә оппозициаа рзы алаҧшхырҧаганы ишыҟаз, дара атәыла анапхгара рықәхреи амчра агареи шырҭахыз.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, иацжәацы «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ажәлар ирыдаргалеит Еврокомиссиа ишьақәнаргылаз 12 пункт рышьаҭала еиҿкаау аплан, аха, арадикалтә оппозициеи дара ирыдҳәалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи адеструктивтә хымҩаҧгашьала аҭак ҟарҵеит.
«Ҳара иҟарҵо ҳамыхәаҧшкәа, аплан ҳақәныҟәоит. Атәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны, аофициалла иазхаҵоу Қырҭтәыла европатәи аперспектива арҕәҕәаразы, «Ақырҭуа гәахәтәы» , ҳтәыла иарҭаз аҿҳәара иалагӡаны, апутнк цыҧхьаӡа нанагӡоит. Ҳуааҧсыра 85% ргәазыҳәара анагӡареи ари астатус аиуреи иазҿлымҳау ауааҧсыра аплан анагӡара активла иалахәызаауеит», — иазгәеиҭеит Иракли Кобахиӡе.