Иракли Кобахиӡе - Ҳамҩа Евроеидгыла мацарашҟа ахы рхоуп, ҳара ҳзы адәныҟатәи аполитикатә ҧыжәара хадоуп Евроеидгыла алалара
Ҳамҩа Евроеидгыла мацарашҟа ахы рхоуп, ҳара ҳзы адәныҟатәи аполитикатә ҧыжәара хадоуп Евроеидгыла алалара, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа амш инамаданы Expo Georgia аҿы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы.
“Иахьа ҳара зҵакы дуу амш – Европа амш иазгәаҳҭоит. 1950 шықәса лаҵара 9 рзы Шуман идекларациа рнапы аҵарҩит, анеҩс, убри ашьаҭала, Евроеидгыла аҿиара ахьтәы аамҭа иалагоит, ари аамҭа 60 шықәса раҟара инагӡахеит. Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Европаҿ ишьақәгылеит адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи апринципқәа, ари аамҭа инаркны Европаҿ еиҧҟьарадатәи аҭынчразы ашьаҭа аҧҵан, ари процессаҿ ароль ҷыда нарыгӡеит Евроеидгылеи уи аинститутқәеи. Акыраамҭалатәи аҭынчра абзоурала, Евроеидгыла, аҿиара дуи ауааҧсыра рмышхәыбзазареи аиқәыршәара алшеит. Европа агәҭаны, Диуссельдорф имҩаҧызгаз хышықәса сгәалашәоит. Усҟан европатәи акультуреи мышхәабзазареи рхаҭабзиара иснаҭаз раҧхьатәи сцәаныррра сгәалашәоит. Ацәанырра дуқәа сызцәырҵит, Қырҭтәылаҿ абри аҩыза аҿиареи мышхәабзазареи иҟазар ҳҭахуп. Убри аҟынтә, ҳара ҳамҩа Европа мацарашҟа ахы рхоуп, ҳаиҳабыра рзы Евроеидгыла алалара адәныҟа-политикатә хырхарҭа хадоуп. Агәра ганы сыҟоуп иахьа Евроеидгыла аҿаҧхьа иқәгылоу аекономикатәи аполитикатә проблемақәа аамҭалатәи аҟазшьа шрымоу, ҳара ҳазынтәгьы Евроеидгыла аиҭаҿиара апроцессаҿ алагала ҟаҳҵароуп, европатәи аусзуҩцәа дуқәа рҿаҧхьа уи азы аҭак ҳаҧхықәуп. Роберт Шуман, Жан Моне, Конрад Аденаур, Уинстон Черчиль уҳәа, убас егьырҭгьы 1950 шықәса лаҵара 9 рзы ишьаҭаркыз Евроеидгыла аиҭаҿиароуп ҳазлацәажәо. Ҳара абри аҭакҧхықәра ишақәнагоу еиҧш аус аауроуп“, иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр.