Иракли Кобахиӡе ЕАР Ассамблеиа Хада 79-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа раартра ихы алаирхәит
Иракли Кобахиӡе ЕАР Ассамблеиа Хада 79-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа раартра ихы алаирхәит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР Ассамблеиа Хада 79-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа раартра ихы алаирхәит.

Ахадаратә дебатқәа иалагеит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хадеи Ассамблеиа Хада ахадеи рықәгыларала. Ахадаратә дебатқәа раартратә сессиа алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит Бразилиа ахада Луис Инасио Лула да Силвеи, Америка ахада Џьо Баидени, Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕани, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи.

Ассамблеиа Хада 79-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа ртемоуп – „Аӡәгьы даанмыжькәа: иахьатәии ҳаҧхьаҟатәи абиҧарақәа рзы аҭынчреи, иҭышәынтәалоу аҿиареи, ауаҩы иаҳаҭыри ахырхарҭала ҧхьаҟацаразы аусеицура”.

Аинформациа аладырҵәеит Аиҳабыра радминистрациа