Иракли Кобахиӡе Дональд Трампи Џьеи Ди Венси иаарту ашәҟәы рзиҩит
Иракли Кобахиӡе Дональд Трампи Џьеи Ди Венси иаарту ашәҟәы рзиҩит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Дональд Трампи Џьеи Ди Венси иаарту ашәҟәы рзиҩит.

Иаарту ашәҟәы аҟны аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, мчыбжьқәак раҧхьа иара Америка ахада ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа ирызкны изиҩит, аха, иахьанӡагьы аҭак имоуӡит.

«Ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла анапхгареи ари аҿымҭра уамашәа ирбоит, избанзар:

– раҧхьа иргыланы, акыршықәса ирылагӡаны, Америказы астратегиатә ҵакы змоу, иуадаҩӡоу ҳрегионаҿ Қырҭтәыла, Америказы зегьы реиҳа  игәрагоу партниоруп. Қырҭтәыла еснагь Ираҟи Афганистани Америка иадгылон. Абарҭ амиссиақәа рҿы Қырҭтәыла алахәызаара абзоурала, ҳтәыла хәыҷы 2,5 млрд адоллар аиҷаҳара алшеит, ари аицҵалыҵ америкатә биуџьет аҟынтә Қырҭтәыла иазоушьҭыз аҧаратә цхыраара аасҭа акырӡа еиҳауп, сара ареалтә цхыраароуп сызлацәажәо, 2008-11 шықәсқәа рзы ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идгылара иазоушьҭыз аҧара наламҵакәа. Саакашвили аҳәаанырцәынтә иоуз адҵа ашьаҭала, Урыстәылаҟны аибашьра далагеит. Иара убас, ареалтә цхыраара иалаҳҵом  Қырҭтәыла аҩныҵҟа арадикализми ацәымҕреи рырҕәҕәареи Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама аҳаҭыр аларҟәреи, аҳәынҭқарратә институтқәа рырҧсыҽреи, ЛГБТ-пропагандеи азы Америка ацҳаражәҳәарҭа  USAID, NED, Сорос ифонди егьырҭ аиҿкаарақәеи ирзоунашьҭуаз аҧара. Қырҭтәыла, акыршықәса ирылагӡаны, Америказы игәрагоу партниоруп, ҳара абри аҩыза астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылара ҳазыхиоуп, ақырҭуа жәларгьы, Қырҭтәыла аиҳабырагьы Америка администрациа ҿыц рҿымҭра уамашәа ирбоит;

– жәларбжьаратәи ареитингқәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла, адеократиа аҩаӡареи, азакәан ахадареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, АИХқәа рхақәиҭреи, аӡбаратә система ахьыҧшымреи аганахьала арегионаҿ аҧхьагылара амоуп. Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу шьақәдырҕәҕәеит шәадминистрациа ҷыдала зыгәра рго аинститутқәагьы. Насгьы, шәара адемократиа иацәыхароуп, авторитартә ҳәынҭқаррақәа рҟны аимадара шәымоуп. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, Қырҭтәыла иадҳәаланы зҿышәымҭуа ҳзеилкаауам;

– насгьы, зегыь реиҳа ихадоу, ҳтәыла аиҳабыреи шәадминистрациеи  аргама иҟарҵо аҳәамҭақәа рхатә принципқәеи ридеологиеи еиқәшәоит, уи лабҿаба иубарҭоуп. Ҳара шәара шәаҧхьагьы, акыршықәса раҧхьагьы  USAID, NED, уҳәа, урҭ иреиҧшу егьырҭ аструктцрақәагьы роуранагӡара ҳалацәажәон, уажәы шәаргьы абри аҩызаҵәҟьа ахәшьара рышәҭеит. Украина имҩаҧысуа аибашьреи  ЛГБТ-пропагандеи уҳәа, азҵаарақәа зегьы рзы ҳгәаанагарақәа еиҧшуп. Убри аҟынтә, ақырҭуа жәлар шәадминистрациа аҟынтә хшыҩзышьҭра иазыҧшын. Шәара  европатәи абиурократиа амшала адемократиа ахьеилагаз Румынтәылеи Германтәылеи  хшыҩзышьҭра рзыжәуит. Аха, Қырҭтәыла иадҳәаланы иахьанӡагьы акгьы шәымҳәеит, ақырҭуа жәлар уи уамашәа ирбоит», — иануп ашәҟәы аҟны.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Баиден иадминистрациеи USAID-и еиҿыркаар ирҭахыз ареволиуциеи амчылареи аҧырзхыз  ақырҭуа ачынуаа ирзышьақәыргылоу асанкциақәагьы дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, Конгресс иаднакылаз «MEGOBARI act» ақырҭуа жәлари реиҳабыреи ирҿагыло актуп.

«Азҵаарақәа иаҳа-иаҳа ишырацәахогьы, ҳара аоптимизм ҳалоуп, шәара  «адагәацәа рҳәынҭқарра» гәыкала шәаҿагылап ҳәа ҳгәыҕуеит. Қырҭтәыла аиҳабыра  уи иазыҧшуп, избанзар ари апроцесс ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргыларазы шьаҭас иҟалароуп!» — иануп иаарту ашәҟәы аҟны.