Иракли Кобахиӡе - Дерек Шолле саниацәажәоз агәынамӡара аасмырԥшит Ниу-Иорк аҟны астудентцәа рыҿагыларатә акциа абруталтә аимырпра иадҳәаланы
Иракли Кобахиӡе - Дерек Шолле саниацәажәоз агәынамӡара аасмырԥшит Ниу-Иорк аҟны астудентцәа рыҿагыларатә акциа абруталтә аимырпра иадҳәаланы

Дерек Шолле саниацәажәоз агәынамӡара аасмырԥшит Ниу-Иорк аҟны астудентцәа рыҿагыларатә акциа абруталтә аимырпра иадҳәаланы, – иануп асоциалтә каҭа Х аҿы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе алаирҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, “ЕАШ ԥасатәи ацҳаражәҳәаҩ лыдгылареи атәым финансркра змоу NGO-қәа рҽалархәралеи аҭыԥ змаз 2020-2023 шықәсқәа рзы ҩреволиуциак рымҩаԥгара аҽазкра иадҳәаланы” ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ Дерек Шолле агәыхшәара изааирԥшит.

Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, усҟан ареволиуциақәа рынагӡара ирылшазҭгьы, иахьа Қырҭтәыла аҩбатәи афронт иҟазаарын.

„Ҳаҭыр зқәу Шолле иасҳәеит ари афон аҿы еизыҟазаашьақәа рырҿыцра амч ду шаҭаху, ари иҵабыргу азыҟазаара ада шымариам.  Дерек Шолле саниацәажәоз агәынамӡара аасмырԥшит Ниу-Иорк аҟны астудентцәа рыҿагыларатә акциа абруталтә аимырпра иадҳәаланы”, – иҩуеит Иракли Кобазиӡе.

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иабжьагаҩ Дерек Шолле асоциалтә каҭаҿы ишааицҳаз, иацы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект иадҳәаланы диацәажәеит.