Иракли Кобахиӡе  - Дара миллионла аҧара нырхит, аха адиагноз рзышьақәыдмырҕәҕәеит, абри ауп Михаил Саакашвили иус иадҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы  алҵшәас ироуз
Иракли Кобахиӡе  - Дара миллионла аҧара нырхит, аха адиагноз рзышьақәыдмырҕәҕәеит, абри ауп Михаил Саакашвили иус иадҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы  алҵшәас ироуз

«Лаҽазнык иубарҭахеит Саакашвилии иҭаацәареи миллиарла аҧара шрымоу», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла,  Саакашвили хықәкык ауп имоу  —  абахҭа аҭыҵреи атәылаҿ аилаҩынтәра алагареи.

«Ишеилкаахаз ала,  Михаил Саакашвили ихақәҭтәра иадҳәалоу акампаниа ахы инаркны аҵыхәанӡа аполитикатә ашьаҭа аҵоуп, араҟа амедицинатә мзызқәа иҟам. Уажәы дара хықәкык ауп ирымоу  —  Саакашвили абахҭа дҭыганы, атәылаҿ аилаҩынтәра иалагар рҭахуп. Аҵыхәтәантәи ахықәкы  – аҩбатәи афронт ауп.  Уи убарҭоуп дара ирымоу алобисттә аимадарақәа рылагьы. Дара миллионла аҧара нырхит, аха адиагноз рзышьақәыдмырҕәҕәеит, абри ауп Михаил Саакашвили иус иадҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы алҵшәас ироуз.

Абраҟа мзызк ауп иҟоу, Саакашвили, хықәкыла, иҭаацәара рыдгыларала, изхаша акалориқәа злоу афатә идикылом.   Иара ихала ихы ҧырхага азааигоит, уи абзоурала, аҳәаанырцәтә иҩызцәа рыцхыраарала, абахҭа дҭыҵыр иҭахуп.  Алобисттә аимадарақәеи рҩызцәа рҽазышәареи иахьыҧшымкәа, ҳара аполитикатә аӡбара зҳадаҳкылом, ари азҵаара азинтә ашьаҭа амоуп», — иҳәеит   Кобахиӡе.

Америка Аиустициа адепартамент аофициалтә информациала, Михаил Саакашвили иҭаацәара америкатә алобисттә еилахәыра «Аккерман» азыршәеит 917 177  адоллар.