Иракли Кобахиӡе  Чақви атлетика хьанҭа абаза ааиртит 
Иракли Кобахиӡе Чақви атлетика хьанҭа абаза ааиртит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Чақви атлетика хьанҭа абаза ааиртит. Абазазы иргылан 3 еихагылак змоу ахыбра ҿыц, уи еиуеиҧшым аинфраструктурала еибыҭоуп, уаҟа зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп.

Актәи аихагылаҿ 180 ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоу аицлабратәи аҽазыҟаҵаратәи азалқәа иҟоуп. Аҩбатәии ахҧатәии аихагылақәа рҿы аофистәи аҧсшьаратәи қәыҧшыларақәеи, аконференциатә уадеи, инеиуа  аспортсменцәа рзы асасааирҭатә уадақәеи еиқәыршәоуп.

Апроект абиуџьет  – 4 794 361 лари.