Иракли Кобахиӡе – Британиа имцырку асиужет аларҵәаразы аҭамзаара шьҭанаҵароуп, ҳара Британиа Арегулиациатә комиссиа, анеҩс, аӡбарҭақәа рыдҵаалара ҳгәы иҭоуп
Британиа имцырку асиужет аларҵәаразы аҭамзаара шьҭанаҵароуп, ҳара Британиа Арегулиациатә комиссиа, анеҩс, аӡбарҭақәа рыдҵаалара ҳгәы иҭоуп, – иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, ақырҭуа аган аиуристтә механизмқәа зегьы рхы иадырхәоит ВВС имцырку аинформациа аларҵәаразы аҭамзаара шьҭанаҵарцаз.
«Британиа имцырку асиужет аларҵәаразы аҭамзаара шьҭанаҵароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Раҧхьа иргыланы, абри ауп иҟарҵаша, избанзар, ВВС — ауаажәларратә дырраҭароуп, дара ауаажәларратә хыҵҵырҭақәа рҟынтә аҧара роуеит. Ҳара лабҿаба иаабеит дара афальсификациа ашьаҭала, иҧсабаратәымкәа аимак аҧҵара шырҭахыз.
Аусеилыргара ҳалацәажәозар — уи иаркуп. Ҳара аргама иаҳҳәеит дарбанзаалак жәларбжьаратәи асубиект ари аусеилыргара иазку аинформациа иоур шилшо — ҳара аинформациа наӡа раҳҭоит.
Аконкреттә маҭәашьар ахархәара иадҳәаланы аинформациа наӡа цәыргоуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура абрифинг аҿы зыӡбахәы рҳәаз амаҭәашьарқәа роуп ахархәара змаз. Араҟа зегьы еилкаауп, изҭаху асубиектқәа зегьы аинформациа наӡа раҳҭар ҳалшоит, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.