Иракли Кобахиӡе Баскцәа ртәыла апарламент ахантәаҩи,  жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩи,  акомитет алахәылацәеи дырҧылеит
Иракли Кобахиӡе Баскцәа ртәыла апарламент ахантәаҩи,  жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩи,  акомитет алахәылацәеи дырҧылеит

Испаниа, Баскцәа ртәылаҿ ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе   Баскцәа ртәыла апарламент ахантәаҩы Бакарчо Техеирои,  жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Ракель Молинои,  акомитет алахәылацәеи дырҧылеит.

«Ақырҭуа гәахәтәы» апресс-маҵзура адыррала, иара убас, аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡеи, апарламент адепутат  Михаил Қавелашвилии, Испаниа аҳраҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Илиа  Гиоргаӡеи.

Аиҧыларақәа раан Иракли Кобахиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуа-басктәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аҵакы. Баскцә  артәыла апарламент ахантәаҩи жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет алахәылацәеи ишьақәдырҕәҕәеит евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ишадгыло.